Қарҭ ахадара – Анеҩстәи хәышықәса рыҩныҵҟала, аҳҭнықалақь ауааҧсыра 111 ҳаамҭазтәи аметро авагонқәа рхархәара рылшоит
Қарҭ ахадараҿы ҳаамҭазтәи авагонқәа раахәаразы ирылаҳәаз атендераҿ аиааира згаз аилахәыра «GT Group» ахаҭарнакцәа ирҧылеит. Аиҧылара рхы аладырхәит авице-ахада Гьаргь Тҟемалаӡеи Қырҭтәыла иҟоу Китаи ацҳаражәҳәаҩ Чжоу Цзиани.
Аиҧылара анҵәамҭаз, аганқәа рхаҭарнакцәа аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Адокумент рнапы аҵарҩит «Қарҭтәи атранспорттә еилахәыра» адиректор Гьаргь Шаркови «GT Group» агенералтә директор Ҭемур Устиашвилии.
Авице-ахада иҳәамҭала, абри аҿыцҧшьгара абзоурала, апассаџьырцәа иаҳа шәарҭада, иаҳа комфортла аиҭаҵра рылшоит.
Аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны, «GT Group», адунеиаҿ идуӡӡоу аметровагонқәа рааглыхҩы — китатәи аилахәыра CRRC аҟны аусеицурала, амуниципалитет иазаархәоит 111 ҳаамҭазтәи аметровагон ҿыцқәа.
Ҳаамҭазтәи авагонқәа раахәаразы атендер рылаҳәан Қарҭ ахадареи, ацентртә напхгареи, Аинфраструктуратә инвестициақәа рзы Азиатәи абанки рыдыгылара ала. Зынӡа ари апроект 150 миллион евро иаҧсоуп.