Қарҭ Ареспубликатә хәышәтәырҭа аусзуҩцәа рыдгыларатә акциа инагӡоит
Қарҭ Ареспубликатә хәышәтәырҭа аусзуҩцәа рыдгыларатә акциа инагӡоит

Қарҭ Ареспубликатә хәышәтәырҭа аусзуҩцәа рыдгыларатә акциа инагӡоит.

Акциа рхы аладырхәит егьырҭ атәылауааи, аколлегацәеи, аилахәыра  «Вольт» акуриерцәеи.

Амедицинатә персонал Агәабзиарахьчара аминистрра аӡбара иадҳәаланы апротест ҟарҵоит. Зыӡбахәы ҳәоу аӡбара инақәыршәаны, уажәазы иҟоу ахыбра хәҭак иқәхны, уи ааигәара аклиника ҿыц дыргылароуп.  Ахәышәтәырҭа анапхгара аусзуҩцәа ажәа рырҭеит аргыларатә усурақәа ахьынӡамҩаҧысуа дара рҭыҧқәеи рулафахәи шырзаанхо азы.  Аха, аклиника аусзуҩцәа уи агәра ргом. Дара атәыла аҧыза-министр иҧылар рҭахуп.

Амитинг алахәылацәа ишырҳәаз ала, ахәышәтәырҭа ахыбра ақәхра азин рырҭом, апротесттә акциақәа рымҩаҧгара нарыгӡоит.