Қарҭ, анаркоацәгьауразы ҩыџьа атәымуаа аанкылоуп, ҷыдала ирацәаны анаркотикқәа аарҧшуп
Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Қарҭтәи аполициатә департамент аусзуҩцәа, аоперативтәи аусеилыргаратәи усмҩаҧгатәқәа мҩаҧганы, гәыҧҩык рыла, заанаҵтәи еиқәшаҳаҭрала, анаркотикқәа рацәаны закәандарала раахәареи рыҵәахреи, рыҭиразы рырмазеиреи, рыҭира аҽазкреи азыҳәан, Украина ҩыџьа атәылауаа ааныркылеит.
Азинхьчаҩцәа аҭиаразы ирмазеиз анаркотикатә хархәага „Метадон“ рацәаны аадырҧшит.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррала, ари ацәгьауразы 20 шықәсанӡа ма аҧсранӡа аҭакра иазҧхьагәаҭоуп.