Приднестровие ахаҧшьгаратә напхгара  „Адепутатцәа реизара ду“ еиҿыркаауеит, уи аан Путин иахь аҳәара ҟарҵар ҟалап Приднестровие Урыстәыла аилазаарашҟа идикыларц
Приднестровие ахаҧшьгаратә напхгара  „Адепутатцәа реизара ду“ еиҿыркаауеит, уи аан Путин иахь аҳәара ҟарҵар ҟалап Приднестровие Урыстәыла аилазаарашҟа идикыларц

Приднестровие ахаҧшьгаратә напхгара жәабран 28 рзы „Адепутатцәа реизара ду“ амҩаҧгара ргәы иҭоуп, уи аан Путин аинициатива изцәырыргар ҟалап. Ааҧхьара атекст макьана идырым.

Молдоватәи амедиа адыррала, жәабран 28 рзы Приднестровиеи де-факто апарламенти, иара убас,  араионтәи, ақалақьтәи, ақыҭатәи хеилакқәеи реизара мҩаҧгахоит. Приднестровие аоппозициатә активист Генади Чорба  „Феисбуқ“ аҿы ишиҩыз ала, аизара ду аҿы Приднестровиеи адепутатцәа  Владимир Путин иахь аҳәара ҟарҵоит Урыстәыла аилазаарашҟа идикыларц.

Жәабран 29 рзы Урыстәыла ахада Владимир Путин Афедерациа ахеилак аҿы дықәгылоит. Молдоватәи амедиа адыррақәа рыла, Приднестровие алидер Вадим Красносельски аҭыҧантәи адепутатцәа реизара ду ааиҧхьеит   „азинқәа еилазго,  Приднестровиеи ауааҧсыра рсоциал-економикатә ҭагылазаашьа еицәазтәуа Молдова аҟынтә ақәыҕәҕәара алацәажәаразы“.