Польшатәи Сеим Украина Нато алалара адгылеит
Польшатәи Сеим Украина Нато алалара адгылеит

Польшатәи Сеим Украина Нато алалара адгылеит. Арезолиуциа Украина европатәии евроатлантикатәи ашьҭазаарақәа ирыдгылеит 443-ҩык адепутатцәа, ҩыџьа иаҿагылеит, бжьҩак рпозициақәа аадмырԥҽит.

Арезолиуциаҿ ишану ала, Украина Нато алалара алианс арӷәӷәоит, Польша аинтересқәа ирышьашәалоит. Ари аԥшьгара иаҿагылеит апроаурыс коалициа “Аконфедерациа”, урҭ ргәаанагарала, атәыла амоу апозициа иабзоураны “Польша адунеитә аимак алалоит”.

Арезолиуциаҿ ишану ала, “Иахь Украина ахатә ҳәынҭқарра мацара акәым, азеиԥш хәынаӡарақәа  – аиҿкаашьеи адемократиеи рыхьчара аҿуп”.