Ҧхынгәы 31 рзы Урыстәыла Киев аганахь имҩаҧнагаз ажәылараан иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара азҳаит 27ҩык рҟынӡа
Ҧхынгәы 31 рзы Урыстәыла Киев аганахьала имҩаҧнагаз ажәылараан иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара азҳаит 27ҩык рҟынӡа, урҭ рҟынтә хҩык хәыҷқәан. 159 ҩык, 16ҩык ахәыҷқәа инрылаҵаны, ахәрақәа роуит.
Иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара иацлар ҟалап ҳәа ргәы иаанагоит.
Украинатәи амедиа адыррақәа рыла, аҧшаара-аиқәырхаратә операциа мҩаҧысуеит.
Украина ахада Владимир Зеленски иҳәамҭала, 100ҩык иреиҳаны амедицинатә цхыраара роуит, жәаҩыла ауааҧсыра ахәышәтәыра иҭоуп.
Украина алидер иажәақәа рыла, ҧхынгәы 31 рзы Урыстәыла Киев ахырхарҭала идәықәнаҵеит 300 иреиҳаны адронқәеи 8 ракетаки.