Пентагон Украина 150 миллион ахә змоу арратә цхыраара апакет азалнахит
Пентагон Украина 150 миллион ахә змоу арратә цхыраара апакет азалнахит

Пентагон Украина 150 миллион ахә змоу арратә цхыраара апакет азалнахит. Ари атәы аанацҳаит “Роитер” ЕАШ атәылахьчара усҳәарҭа аҟынтә аинформациа ҵаҵӷәыс аҭаны.

Пентагон арратә цхыраара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Украина аиуеит аконтрартиллериатә радари, аелектронтә аибашьыгақәеи, адронқәа рыҿагыларазы асистемақәеи аевакуациазы иаҭаху ахарҳәагақәеи.

Уи ала, ЕАШ Украина арратә-аҳауатә мчқәа рбазақәа аоперативтә шәарҭадареи алшарақәеи реиӷтәразы иашьашәалоу аибыҭара ахалнахуеит. Апланқәа ирылоуп 125 миллион доллар ахә змоу Mark VI апатрультә катерқәа рыҭа́ра.