Пентагон адыррақәа рыла, Украина имҩаҧысуа аибашьраҿы иҭахаз, иара убас, ахәрақәа зауз аурыс аруаа рхыҧхьаӡара  100 нызқьҩык еиҳауп
Пентагон адыррақәа рыла, Украина имҩаҧысуа аибашьраҿы иҭахаз, иара убас, ахәрақәа зауз аурыс аруаа рхыҧхьаӡара  100 нызқьҩык еиҳауп

Пентагон адыррақәа рыла, Украина имҩаҧысуа аибашьраҿы иҭахаз, иара убас, ахәрақәа зауз аурыс аруаа рхыҧхьаӡара  100 нызқьҩык еиҳауп, Украинагьы абри аҩызаҵәҟьа ацәыӡ амоуп.  Америка Аштаб хада аиҳабы Марк Мили ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Ниу-Иорк Аекономикатә клубаҿ данықәгылоз.

 Иара иажақәа рыла, иара убас иҭахеит  40 нызқьҩык раҟара украинатәи аҭынчуаа.  Америкатә ачинҳаракҩы арҭ адыррақәа ахьынтәааигаз имҳәеит.

Украинатәи аган ишаарыцҳаз ала,  уажәазы иҟоу  адыррақәа рыла, аибашьраҿ иҭахеит  77 нызқьҩык еиҳаны аурыс аруаа.