Палестинатәи АИХқәа рдыррақәа рыла, израильтәи авиациала ақалақьқәа Хан-Иуниси Рафахи абомбақәа рылажьра амшала Ҕаза асектораҿ иҭахеит  40ҩык иреиҳаны
Палестинатәи АИХқәа рдыррақәа рыла, израильтәи авиациала ақалақьқәа Хан-Иуниси Рафахи абомбақәа рылажьра амшала Ҕаза асектораҿ иҭахеит  40ҩык иреиҳаны

40ҩык иреиҳаны иҭахеит Ҕаза асектораҿ израильтәи авиациала ақалақьқәа  Хан-Иуниси Рафахи абомбақәа рылажьра амшала. Ари аинформациа аладырҵәеит палестинатәи АИХқәа.

Амедиа адыррала,  Хан-Иунис анхарҭатә ҩны аахара аан иҭахеит жәҩык ауааҧсыра, урҭ рҟынтә бжьҩык хәыҷқәан.

Ҕаза аладатәи ахәҭаҿы иҟоу Рафах ақалақь аахара амшала иҭахеит  30ҩык, жәаҩыла ауааҧсыра ахәрақәа роуит.