Паата Манџьҕалаӡе  -  «Ақырҭуа гәахәтәы» иаҧшьаргаз апроцесс ҳзалахәом, европатәи ҳпартниорцәа уи азы адырра раҳҭеит
Паата Манџьҕалаӡе  -  «Ақырҭуа гәахәтәы» иаҧшьаргаз апроцесс ҳзалахәом, европатәи ҳпартниорцәа уи азы адырра раҳҭеит

«Аҕмашенебели истратегиа» алахәыла Паата Манџьҕалаӡе иҳәамҭала, дара Евроеидгыла 12 абжьагарақәа рынагӡара иазку аплан рыҧсахуам. Апартиа алахәылацәа евродепутатцәа иддырдырит «Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа ирыцны аусуратә гәыҧ аҿы аус зырымуа.

Манџьҕалаӡе ишиҳәаз ала, дара аимитациатә процессқәа рхы рыладырхәом.

«Абарҭ аиҧыларақәа рышьҭаҳь ҳплан ҳаиҭахәаҧшуама? Ҳәарада, мап.  Европарламент адепутатцәа ираҳҳәеит ари апроцесс  ҳалахәхәом ҳәа, избанзар  «Ақырҭуа гәахәтәы» имҩаҧырго антимраҭашәаратә, антимилаҭтә, антиақырҭуа аимитациатә процессқәа ҳазрылахәхәом. Европатәи ҳпартниорцәа адырра раҳҭахьеит. Ҳара ари афарс ҳалахәхәом, избанзар, «Ақырҭуа гәахәтәы» Европахь акәымкәа, Урыстәылахь ауп  иахьцо», — иҳәеит  Паата Манџьҕалаӡе.