Орфоло аполигонаҿ артиллериатә азыҟаҵарақәа мҩаҧган
Орфоло аполигонаҿ артиллериатә азыҟаҵарақәа мҩаҧган

Қырҭтәыла Арбџьармчқәа Мраҭашәаратә напхгара 3-тәи ашьаҟатә бригада 34-тәи артиллериатә баталион Орфоло аполигонаҿ аоператив-тактикатә азыҟаҵарақәа иахысит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра.

«Азыҟаҵарақәа хықәкыс ирыман  амцатә адгылареи еиқәшаҳаҭны ауранагӡареи  аиқәыршәара.  Азыҟаҵарақәа қәҿиарала имҩаҧган.

Мраҭашәаратә напхгара анаҧшцәа  арҭ азыҟаҵарақәа ахәшьара бзиа рырҭеит», — азгәаҭоуп Атәылахьчара аминистрра аинформациаҿы.