Қырҭтәылеи Италиеи ртәылахьчара аминистррақәа  2024 шықәсазы ҩ-ганктәи аусеицура аплан рнапы аҵарҩит
Қырҭтәылеи Италиеи ртәылахьчара аминистррақәа  2024 шықәсазы ҩ-ганктәи аусеицура аплан рнапы аҵарҩит

Қырҭтәыла авизитла иаҭааит Италиа Арратә мчқәа Аштаб хада аделегациа.  Авизит хықәкыс иамоуп ахыхьчара азҵаарақәа ирыдҳәаланы ҩ-ганктәи аконсультациақәа рымҩаҧгара.  Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра.

Аусбарҭа адыррақәа рыла, аминистрраҿы имҩаҧгаз аиҧылараан аганқәа рхаҭарнакцәа уажәтәи азҵаарақәеи наҟ-наҟ аусеицура аперспективақәеи ирылацәажәеит.  Ақырҭуа аган асасцәа аинформациа наӡа рырҭеит Атәылахьчара аминистрраҿы имҩаҧысуа ареформақәа ирызкны.

Аиҧылара анҵәамҭаз, Қырҭтәылеи Италиеи ртәылахьчара аминистррақәа рхаҭарнакцәа   2024 шықәсазы ҩ-ганктәи аусеицура аплан рнапы аҵарҩит. Италиеи Қырҭтәылеи рырратә усбарҭақәа активла аус еицыруеит НАТО-Қырҭтәылатәи апакет наӡа (SNGP) анагӡареи, жәларбжьаратәи азыҟаҵарақәеи, иара убас, арра-атәылауаҩратә зҵаарақәеи, арратә аҵареи, авиациеи ахырхарҭақәа рыла.