Қырҭтәыла атәылахьчара аминистрраҿ Америка амилаҭтә кибернапхгара амиссиа акибермчқәа рнапхгаҩы иҟны аиԥылара мҩаԥган

12:12, 14.07.2023

Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыҧуаҩ  Лела Чиқовании аминистр ихаҭыҧуаҩ  Давиҭ Суџьашвилии  Америка амилаҭтә кибернапхгара амиссиа акибермчқәа рнапхгаҩы, аинрал-майора Уилиам  Хартман иҧылеит.

Аиҧылара алахәылацәа акибершәарҭадара арҕәҕәара азҵаара иалацәажәан, ишазгәарҭаз ала, Америка Қырҭтәыла акиберахьчара арҕәҕәара апроцессаҿ ароль ду нанагӡоит.

Давиҭ Суџьашвили   асасцәа ирзеиҭеиҳәеит аминистрраҿы имҩаҧысуа акиберреформақәа ирызкны, иара иаҵшьны иазгәеиҭеит апартниорцәа рыдыҧхьалара азҵаара аҵакы ду шамоу.

Аиҧылара анҵәамҭаз аминистр актәи ихаҭыҧуаҩ америкатә аган ахаҭарнакцәа ацхырааразы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Еиԥшу