Қырҭтәыла визитла даҭааит НАТО иеиду амчқәа Аҵаратә центр анапхгаҩы
Қырҭтәыла визитла даҭааит НАТО иеиду амчқәа Аҵаратә центр анапхгаҩы

НАТО иеиду амчқәа Аҵаратә центр (JFTC) анапхгаҩы, аинрал-маиор Норберт Вагнер  аусуратә визитла Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа дырҭааит.

Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра аинформациа инақәыршәаны,  аинрал Вагнер Қырҭтәыла Атәылахьчраатә мчқәа рнапхгаҩы, аинрал-маиор Гьаргь  Матиашвили диҧылеит.

Аинралцәа аусеицура азҵаарақәеи азеиҧш азыҟаҵарақәеи ирылацәажәеит. Аинрал-маиор Гьаргь  Матиашвили аинрал  Норберт Вагнер  аусеицура ҕәҕәа азыҳәан ҭабуп ҳәа иаҳәаны,  арратә усеицура аҿиаразы  «Иаҧсоу апартниор» амедаль ианеишьеит.

Иара убас, визитла Қырҭтәыла иаҭааит Германтәыла Арбџьармчқәа разыҟаҵара ацентр  (GACTC) анапхгаҩцәеи, Финлиандиа Арбџьармчқәа Жәларбжьаратәи ацентр  (FINCENT) ахаҭарнакцәеи, Швециа Арбџьармчқәа Жәларбжьаратәи ацентр  (SWEDINT) ахаҭарнакцәеи. Аусуратә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҵаратә центрқәа рнапхгаҩцәа, Крҵаниси иҟоу ацентр алшарақәа гәарҭоит.