НАТО Арратә комитет Қырҭтәыла иаҭааит
НАТО Арратә комитет Қырҭтәыла иаҭааит

НАТО Арратә комитет, ҩымштәи авизитла Қырҭтәыла иаҭааит

Арратә комитет ахантәаҩы, адмирал  Роб Бауер дидикылеит Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе.

Аганқәа рхаҭарнакцәа арегионаҿ ашәарҭадара аҭагылазаашьеи ари аганахьала иҟоу апроблемақәеи ирылацәажәеит.

Аиҧылараҿы ахадаратә ҵакы рыман Қырҭтәылеи Алинси русеицуреи аусеицура арҕәҕәареи иазку азҵаарақәа.

Аҩадаатлантикатә алианс иреиҳаӡоу арратә орган ахаҭарнакцәа Қырҭтәыла рвизит даҽазнык ишьақәнарҕәҕәоит НАТО Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, аҵакырадгьылтә акзаареи, атәыла евроатлантикатә интеграциеи ишадгыло.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра.