Дмитрий Песков – Шәамахьтәылеи Америкеи рыбжьара азыҟаҵарақәа ирызку аинформациа ҳаргәамҵуеит
Дмитрий Песков – Шәамахьтәылеи Америкеи рыбжьара азыҟаҵарақәа ирызку аинформациа ҳаргәамҵуеит

«Шәамахьтәыла  америкатә арбџьармчқәа рҟны арратә азыҟаҵарақәа рымҩаҧгара аҭахуп, ари аинформациа Кремль иаргәамҵуеит», — иҳәеит Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ  Дмитри Песков.

Кремль ахаҭарнак иажәақәа рыла, Москва ари аинформациа шьаҭанкыла анализ азуны, аҭагылазаашьа иацклаҧшуеит.

Шәамахьтәыла Атәылахьчара аминистрра ишаанацҳаз ала, Шәамахьтәылеи Америкеи еицымҩаҧырго арратә азыҟаҵарақәа  «Апартниор Ауарба-2023» (EAGLE PARTNER 2023) Шәамахьтәыла имҩаҧысуеит цәыббра  11- 20 рзы.