Олаф Шольц - Украинаҿ аибашьра аескалациазы ҳҽазыҟаҳҵароуп
Олаф Шольц - Украинаҿ аибашьра аескалациазы ҳҽазыҟаҳҵароуп

Украинаҿ аибашьра аескалациазы ҳҽазыҟаҳҵароуп, – иҳәеит Германтәыла аканцлер Олаф Шольц.

Шольц ари аҳәамҭа акьыԥ Sueddeutsche Zeitung аиҿкаарала имҩаԥгаз апрессконференциаҿ ҟаиҵеит.

Олаф Шольц иажәақәа рыла, Урыстәыла Украина ақәылара егьырҭ атәылақәа рзы иурокхеит, ари афон аҿы Германтәыла ахыхьчаратә ҵәахқәа рзы иацҵаны 100 миллиард евро алнахит.