Олаф Шольц – Украина иаҿагылоу аибашьраҿ Урыстәыла  атомтә бџьар ахы ианархәар  ҟалом, ари аҳәаа ахысра ҟалом
Олаф Шольц – Украина иаҿагылоу аибашьраҿ Урыстәыла  атомтә бџьар ахы ианархәар  ҟалом, ари аҳәаа ахысра ҟалом

Германтәыла аканцлер Олаф Шольц иҳәамҭала, Украина иаҿагыло аибашьраҿ Урыстәыла атомтә бџьар ахы анархәар ҟалом.  Асоциал-демократиатә партиа аилатәараҿы Шольц ишиҳәаз ала, иара Китаи алидер даниҧылозгьы ари азҵаара далацәажәеит.

Анемец политик иажәақа рыла, Китаи алидергьы диқәшаҳаҭхан, иаҵшьны иазгәеиҭеит атомтә бџьар ахархәара шыҟамло.

Германтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы Урыстәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟаиҵеит еилыккаа  ирҳәарц атомтә бџьар рхы ишадмырхәо.

„Ари аҳәаа ахысра ҟалом“, – иазгәеиҭеит Шольц.