Олаф Шольц – Сара Украина абџьар аҭараҿы аицлабра аҽалархәра сгәы иҭам
Олаф Шольц – Сара Украина абџьар аҭараҿы аицлабра аҽалархәра сгәы иҭам

Германтәыла аканцлер  Олаф Шольц ишиҳәаз ала, иара Украина абџьар аҭараҿы аицлабра аҽалархәра игәы иҭам.

Бундестаг ҵаҟатәи апалатаҿ данықәгылоз,  Шольц тәылақәак иаартны  акритика рзиуит   Украина абџьара аҭараҿы иахьеицлабуа азы. Шольц иажәақәа рыла,  уи   «ҳакзаара иаҧырхагоуп».

«Ҳакзаара иаҧырхагоу акоуп –  иаартны ҳаицлабуеит,  егьырҭ иреиҕьхо ҳәа апринципла: атанкқәа,  аӡаҵантәи анышьқәа,  аҳаирпланқәа  – иаҳа ирацәаны  идәықәызҵода?», — иҳәеит  Шольц.

Иара иажәақәа рыла, Владимир Путин уезгьы  ихықәкы зынаигӡом.