Олаф Шольц - Путин ауаҩытәыҩса иҟазшьа иацәтәыму ихымҩаԥгашьа жәларбжьаратәи азин иаҿагылоит, уи ириашара ҟалом
Олаф Шольц - Путин ауаҩытәыҩса иҟазшьа иацәтәыму ихымҩаԥгашьа жәларбжьаратәи азин иаҿагылоит, уи ириашара ҟалом

Путин иагрессиазы даҽа аҭак иҟам, – иҳәеит Германтәыла аканцлер Украина абџьар аҭара аӡбара данахцәажәоз.

Олаф Шольц Бундестаг аилатәара ҷыдаҿ дықәгылеит.

Олаф Шольц иажәақәа рыла, Украина аганахьала Урыстәыла имҩаԥнагаз ажәылара Европа атоурых аҿы аҽыԥсахратә етапуп.

„Ахада Путин ауаҩытәыҩса иҟазшьа иацәтәыму ихымҩаԥгашьа жәларбжьаратәи азин иаҿагылоит, уи ириашара ҟалом“, – иҳәеит Шольц.

Аканцлер ишазгәеиҭаз ала,  Германтәыла арратә биуџьет азҳара алагоит. Германтәыла арратә биуџьет 100 миллиард евро рыла иазҳауеит.

Германтәыла аӡбарала, Урыстәыла аҳаирпланқәа рзы аҳауатә қәыԥшылара аркуп.