Олаф Шольц Каховкатәи аӡфымцалашаратә станциа аԥжәара Украина иаҿагыланы Урыстәыла имҩаԥнаго аибашьраҿ ашәара ҿыц ахьӡиҵеит
Олаф Шольц Каховкатәи аӡфымцалашаратә станциа аԥжәара Украина иаҿагыланы Урыстәыла имҩаԥнаго аибашьраҿ ашәара ҿыц ахьӡиҵеит

Германтәыла аканцлер Олаф Шольц Каховкатәи аӡфымцалашаратә станциа аԥжәара Украина иаҿагыланы Урыстәыла имҩаԥнаго аибашьраҿ ашәара ҿыц ахьӡиҵеит.

Шольц иажәақәа рыла, аӡфымцалашаратә станциа аԥжәара  “Путин иеибашьра ианаалоит”.

Германтәыла аканцлер ишазгәеиҭаз ала, Урыстәыла еснагь атәылауаҩратә обиектқәа ирықәлоит – ақалақьқәеи, ақыҭақәеи, ахәышәтәырҭақәеи, ашколқәеи, аинфраструктуратә обиектқәа.

Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитро Кулеба “ари аибашьра ҳаӷеимшхаратәи ацәгьуоруоп”, “Урыстәыла ала Каховкатәи аӡфымцалашаратә станциа аԥжәара аҵыхәтәынтәи жәашықәсақәа рзы Европаҿ зегь реиҳа идуӡӡоу атехнологиатә катастрофа ахылҿаауеит” ауп ҳәа иазгәеиҭеит.

Урыстәылатәи ампыҵахаларатә мчқәа Херсонтәи аобласт иҟоу Каховкатәи аӡфымцалашаратә станциа иԥыржәеит.