Мшаԥы 12 рзы Олаф Шольц Иракли Кобахиӡе диԥылоит
Мшаԥы 12 рзы Олаф Шольц Иракли Кобахиӡе диԥылоит

Германтәыла аканцлер иофис Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡеи Германтәыла Афедеративтә канцлер Олаф Шольци реиԥылара иазку аофициалтә аинформациа аланарҵәеит.

Германтәыла Афедеративтә канцлер иофис авебдаҟьа ианылаз аинформациаҿ ишану ала, Олаф Шольц афедеративтә канцелиариаҿ арратә ҳаҭырла Қырҭтәыла аԥыза-министр дидикылоит.

„2024 шықәса мшаԥы 12 рзы Германтәыла Афедеративтә канцлер Олаф Шольц Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе дидикылоит.

Аиԥылараҿ ихадоу зҵаарақәас иқәдыргылоит: ҩганкалатәи еизыҟазаашьақәа, аекономикатә усеицура, европатәии ашәарҭадаратәи политикеи рызҵаарақәа”, – иануп аинформациа аҿы.