Олаф Шольц – Германтәыла Қырҭтәылазы игәрагоу партниорс иаанхоит, ҳара наҟ-наҟгьы Қырҭтәыла евроинтеграциа ҳадгылоит
Олаф Шольц – Германтәыла Қырҭтәылазы игәрагоу партниорс иаанхоит, ҳара наҟ-наҟгьы Қырҭтәыла евроинтеграциа ҳадгылоит

«Германтәыла Қырҭтәылазы игәрагоу партниорс иаанхоит, ҳара наҟ-наҟгьы Қырҭтәыла евроинтеграциа ҳадгылоит», — иҳәеит Германтәыла аканцлер Олаф Шольц Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи иареи еицымҩаҧыргаз апрессконференциаҿы.

Шольц иҳәамҭала, Қырҭтәыла ареформақәа рацәа ахьымҩаҧысуа деигәырҕьоит.

«Қырҭтәыла ареформақәа рацәа ахьымҩаҧысуа ҳаигәырҕьоит. Ареформақәа нагӡатәуп, лымкаала, аӡбаратә реформа, апарламенттә хылаҧшра ареформа, адеолигархизациа иазку ареформа уҳәа, урҭ рызынтәгьы аҵакы ду рымоуп.  Апарламенттә алхрақәа иаартны, ииашаны имҩаҧгазароуп, уи аҵакы ду амоуп акандидат астатус аиура анеҩстәи апроцесс азы. Германтәыла Қырҭтәылазы игәрагоу партниорс иаанхоит, ҳара наҟ-наҟгьы Қырҭтәыла евроинтеграциа ҳадгылоит», — иҳәеит Шольц.