Олаф Шольц  - Иацы, Париж  ҳаззегьы ҳаиқәшаҳаҭхеит Украиназы иаҳа ирацәаны шыҟаҵатәу
Олаф Шольц - Иацы, Париж  ҳаззегьы ҳаиқәшаҳаҭхеит Украиназы иаҳа ирацәаны шыҟаҵатәу

Иацы, Париж  ҳаззегьы ҳаиқәшаҳаҭхеит Украиназы иаҳа ирацәаны шыҟаҵатәу, – иҳәеит Германтәыла аканцлер Олаф Шольц.

Шольц иажәақәа рыла, Украина абџьар, аџьаԥҳаны, аҳауахьчара аҭахуп.

“Иацы, Париж  ҳаззегьы ҳаиқәшаҳаҭхеит Украиназы иаҳа ирацәаны шыҟаҵатәу. Урҭ  абџьар, аџьаԥҳаны, аҳауахьчара рҭахуп. Ари аус ҳадаҳулоит. Ашьаҟар Европа атәылақәеи Нато-и рҟынтә ҳашьҭуам”, – иҩит Шольц асоциалтә каҭаҿы.

Франциа ахада Еммануель Макрон иҟаиҵаз аҳәамҭала, Париж имҩаԥгаз аконференциаҿ алидерцәа мраҭашәаратәи атәылақәа ршьаҟар Украина ашҟа ашьҭра азҵаара иахәаԥшит, аха аконсенсус рмоуит.