Олаф Шольц  Германтәыла афедералтә аиҳабыра рзы TikTok адаҟьа аҧҵара  аинициативала дықәгылеит  
Олаф Шольц  Германтәыла афедералтә аиҳабыра рзы TikTok адаҟьа аҧҵара  аинициативала дықәгылеит  

Германтәыла аканцлер Олаф Шольц  Германтәыла афедералтә аиҳабыра рзы TikTok адаҟьа аҧҵара  аинициативала дықәгылеит.

«Ари аӡбара адкылара иаамҭоуп ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит  Олаф Шольц.

Аканцлер ишиҳәаз ала, иара лассы-лассы иазҵауеит   «Германтәылазы альтернатива» ахаҭарнакцәа активла  Tik-Tok рхы иадырхәоит,  «Ақьырсиан-демократцәа» уи зырҭахыми ҳәа.   Аканцлер ишиҳәаз ала, аиҳабыреи аминистррақәеи мызқәак рыҩныҵҟа активла алацәажәара иаҿуп иарбан  онлаин-платформақәа рхы иадырхәаша.