Олаф Шольц ишааицҳаз ала, Берлини Киеви ашәарҭадаратә гарантиақәа рзы еиқәшаҳаҭхар ҟалап
Олаф Шольц ишааицҳаз ала, Берлини Киеви ашәарҭадаратә гарантиақәа рзы еиқәшаҳаҭхар ҟалап

Германтәыла аканцлер Олаф Шольц ишааицҳаз ала, 2023 шықәсатәи Нато асаммит аҿы ирыдыркылаз “G7” аҳәаатә аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, Берлини Киеви ашәарҭадаратә гарантиақәа рзы еиқәшаҳаҭхар ҟалап.

Ари атәы аанацҳаит “Европейская правда”.

Шольц иажәақәа рыла, Украина ахада Володимир Зеденскии иареи активтә аимадара рыбжьоуп, урҭ ҭелла ашәарҭадаратә гарантиақәа рыхцәажәеит.

” Хара имгакәа ари ҳхаркәшоит. Сгәы шаанаго ала, ҳаиқәшаҳаҭхоит”, – иазгәеиҭеит Шольц.

Германтәыла аканцлер ишааицҳаз, адетальқәа рыхцәажәара ашьҭахь, адокумент аус адулара хдыркәшоит.