Нино Гиоргобиани –  Аҧыза-министр иҟаиҵаз аҳәамҭа  Қырҭтәыла авакцинациа ихымҧадатәиу аҟазшьа аиуеит ҳәа аилкаара ииашам
Нино Гиоргобиани –  Аҧыза-министр иҟаиҵаз аҳәамҭа  Қырҭтәыла авакцинациа ихымҧадатәиу аҟазшьа аиуеит ҳәа аилкаара ииашам

Қырҭтәыла аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы иҟоу Астратегиатә коммуникациақәа рзы адепартамент анапхгаҩы Нино Гиоргобиани ишылҳәаз ала,  аҧыза-министр иҟаиҵаз аҳәамҭа  Қырҭтәыла авакцинациа ихымҧадатәиу аҟазшьа аиуеит ҳәа аилкаара ииашам.

«АИХ рыхәҭак аҧыза-министр Логодехи иҟаиҵаз аҳәамҭа ииашамкәа еилыркааит.

Аҧыза-министр иҟаиҵаз аҳәамҭа  Қырҭтәыла авакцинациа ихымҧадатәиу аҟазшьа аиуеит ҳәа аилкаара ииашам.

Иракли Ҕарибашвили  аргама данықәгыло, еснагь авакцинациа аҵакы далацәажәоит, иахьа Логодехи иҟаиҵаз аҳәамҭагьы абри аҩызаҵәҟьа аҵакы аман.

Аҧыза-министр, авакцинациа ихымҧадатәиу аҟазшьа аҭара азҵаара иахьалацәажәо  даҽа тәылак аҿырҧштәы ааигеит», — илҳәеит Нино Гиоргобиани.