Николоз Самхараӡе Лондон аус зуа адипломатцәа дырҧылеит
Николоз Самхараӡе Лондон аус зуа адипломатцәа дырҧылеит

Қырҭтәыла апарламенттә делегациа Британиа Ду рвизит нарыгӡоит.  Адепутатцәа аҩызарала Қырҭтәыла иазыҟоу атәылақәа рдипломатцәа ирҧылеит. Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла имҩаҧысуа апроцессқәеи Амшын еиқәа аҿы аҭагылазаашьеи иалацәажәеит.

«Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Софио Қацарава Британиа ду аус зуа адипломатцәа рҟны аиҧылара еиҿылкааит. Ҳара Америкеи, Франциеи, Словениеи, Словакиеи, Украинеи, Литвеи, Латвиеи рыцҳаражҳәаҩцәа ҳарҧылеит.  Дара Қырҭтәыла имҩаҧысуа апроцессқәа интересс ирыман.  Бжеиҳарала, ашәарҭадара азҵаареи Амшын еиқәа арегион аҿы аҭагылазаашьеи ҳалацәажәон», — иҳәеит адәныҟатәи аусқәа рзы апарламенттә комитет ахантәаҩы Николоз Самхараӡе аиҧылара ашьҭахь.

Қырҭтәыла апарламенттә делегациа иалоуп адепутатцәа:  Николоз Самхарадзеи, Нино Ҵилосании, Гьаргь Хелашвилии, Ҭеона Акубардиеи, иара убас, апарламент ахантәаҩы икабинет анапхгаҩы  Леван Махашвилии.

Аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла апарламент ипресс-маҵзура.