Николоз Самхараӡе иҳәамҭала, 2023 шықәса хәажәкыразы Қырҭтәыла иаҭаауеит Бундестаг аделегациа
Николоз Самхараӡе иҳәамҭала, 2023 шықәса хәажәкыразы Қырҭтәыла иаҭаауеит Бундестаг аделегациа

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили анапхгара ззиуа апарламенттә делегациа  Берлин аиҧыларақәа мҩаҧыргоит. Бундестаг ақырҭуа делегациа алахәылацәа  Аахыҵ Кавказ аиҩызаратә гәыҧ алахәылацәа ирҧылеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа  арегионалтә шәарҭадареи Қырҭтәыла европатәии евроатлантикатәи интеграциеи иалацәажәеит.

Аиҧылара ашьҭахь Қырҭтәыла аделегациа алахәыла, апарламент адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа рзы акомитет ахантәаҩы Николоз Самхараӡе ишиҳәаз ала,  хәажәкыразы Қырҭтәыла иаҭаауеит Бундестаг аделегациа.

„ Ҳара Евроеидгылашҟа Қырҭтәыла алалара азҵаареи, НАТО арҭбаареи, Аахыҵ Кавказ аҿы арегионалтә шәарҭадара аганахьала иҟоу апроблемақәеи, Шәамахьтәыла-Азербаиџьантәи аимаки, Украина иаҿагыло аурыс агрессиеи ҳалацәажәеит. Дара ҳрегион ибзиаӡаны ирдыруеит. Хшыҩзышьҭра ҷыда рызун импыҵахалоу ҳҵакырадгьылқәа. Ҳшеиқәшаҳаҭхаз ала, хәажәкыразы Бундестаг аделегациа Қырҭтәыла иаҭаауеит, дара рхала аҭыҧаҿ ирбар рҭахуп ашәарҭадареи, Евроеидгыла алалара амзызла арефомақәа рымҩаҧгареи аганахьала ҳтәылаҿы аҭагылазаашьа зеиҧшроу “, – иҳәеит Николоз Самхараӡе.