Никол Ҧашиниан – Шәамахьтәылеи Азербаиџьани реиҿагылараан ашәамахь ган аҟынтә иҭахеит 135ҩык, аха, ари ахыҧхьаӡара иҵыхтәантәиим
Никол Ҧашиниан – Шәамахьтәылеи Азербаиџьани реиҿагылараан ашәамахь ган аҟынтә иҭахеит 135ҩык, аха, ари ахыҧхьаӡара иҵыхтәантәиим

Шәамахьтәылеи Азербаиџьани реиҿагылараан ашәамахь ган аҟынтә иҭахеит 135ҩык, аха, ари ахыҧхьаӡара иҵыхтәантәиим. Ашәамахь ҭыжьымҭа  news.am адыррала,  аҧыза-министр Никол Ҧашиниан ари аҳәамҭа ҟаиҵеит аиҳабыра реилатәараҿы.

Аминистрцәа,  минуҭтәи аҿымҭрала, иҭахаз ауааҧсыра ҳаҭырла иргәаладыршәеит.

Шәамахьтәыла атәылахьчара аминистр ишиҳәаз ала, уажәазы аҭагылазаашьа ҭынчуп.

Иацы Азербаиџьан Атәылахьчара аминистрра иаланарҵәаз аинформациа инақәыршәаны, цәыббра 12 рзы Азербаиџьани Шәамахьтәылеи рҳәааҿ иҟалаз аиҿагылараан  иҭахеит 71ҩык азербаиџьантәи аруаа.