Никол Ҧашиниан  - Қырҭтәылаҟны аизыҟазаашьақәа рырҿиара азҵаара Шәамахьтәылазы еснагь аҵакы ду аман
Никол Ҧашиниан  - Қырҭтәылаҟны аизыҟазаашьақәа рырҿиара азҵаара Шәамахьтәылазы еснагь аҵакы ду аман

Қырҭтәылаҟны аизыҟазаашьақәа рырҿиара азҵаара Шәамахьтәылазы еснагь аҵакы ду аман, — иануп Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи рдипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара инаркны 30 шықәса аҵра инамаданы Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниан Иракли Ҕарибашвили изааишьҭыз адныҳәалартә шәҟәы аҟны.

Ҧашиниан ишиҩыз ала, ибеиу акультура-аҭоурыхтә ҭынхеи  азеиҧш принципқәеи рышьаҭала  аешьаратә жәларқәа рыбжьара ишьақәгылаз аизыҟазаашьақәа иахьагьы аҿиара иаҿуп.

Иара убас, Шәамахьтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, ашәамахь-ақырҭуа еизыҟазаашьақәа рырҭбареи зыгәра угаша адиалоги азы аҩ-ганк ирымоу аҽазышәарақәа нагӡахап ҳәа дгәыҕуеит.