Никол Ҧашиниан  - Еревани Бақәеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра алшара дуум
Никол Ҧашиниан  - Еревани Бақәеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра алшара дуум

«Еревани Бақәеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра алшара дуум», — иҳәеит Шәамахьтәыла аҧыза-министр  Никол Ҧашиниан.

Шәамахьтәылатәи АИХқәа ринформациала, Шәамахьтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы лаҵара 14 рзы Бриуссель Азербаиџьан ахада Илҳам Алиев иҧылара мап ацәикуам.

«Бриуссельҟа сцар, ицәырҵыр ҟало азҵаара аҭак асҭар сҭахуп. Амҽышаз Азербаиџьани Шәамахьтәылеи аҭынчратә еиқәшаҳаҭра рыбжьарҵома? Рыцҳарас иҟалаз, уи еиҧш алшара дуум, избанзар, аҭынчра ашьақәыргылареи аҳәынҭқаррабжьаратә аизыҟазаашьақәеи ирызку  ҩ-ганктәи аиқәшаҳаҭра макьана заанаҵтәи асахьа амоуп, уи анапаҵаҩра алацәажәара заацәоуп», — иҳәеит  Ҧашиниан.