Никол Ҧашиниан  ашәамахь-азербаиџьантәи аҳәааҿы жәларбжьаратәи анаҧшратә миссиа аргылара даҳәоит
Никол Ҧашиниан  ашәамахь-азербаиџьантәи аҳәааҿы жәларбжьаратәи анаҧшратә миссиа аргылара даҳәоит

Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниан ашәамахь-азербаиџьантәи аҳәааҿы жәларбжьаратәи анаҧшратә миссиа аргылара даҳәоит. Иара ари атәы иҩит асоциалтә аҳа  «Твиттер» аҿы.

«Азербаиџьан ала имҩаҧгаз ажәылара ҿыц амшала иахьа Шәамахьтәыла аҵакырадгьылаҿ хҩык ашәамахь аруаа ҭахеит.  Уи Шәамахьтәыла ахьыҧшымреи адемократиеи ажәылароуп.  Азербаиџьантәи интервенциа аанкылатәуп.  Азербаиџьантәи ампыҵахалара амшала азарал ду зауз Шәамахьтәыла аҵакырадгьыл аҟынтә азербаиџьантәи арратә хәҭақәа алганы,  хымҧада жәларбжьаратәи анаҧшратә миссиа иргылатәуп», — иҩит Ҧашиниан.

Иаха Азербаиџьани Шәамахьтәылеи бџьартә аиҿагылареи аҳәаатә зонаҿы ауаа рҭахареи атәы аарыцҳаит.