Никол Ԥашиниан ишааицҳаз, Украинаҟны аибашьраҿ Шәамахьтәыла Урыстәыла адгылаҩ акәӡам
Никол Ԥашиниан ишааицҳаз, Украинаҟны аибашьраҿ Шәамахьтәыла Урыстәыла адгылаҩ акәӡам

Шәамахьтәыла аԥыза-министр Никол Ԥашиниан ишааицҳаз, Украинаҟны аибашьраҿ Шәамахьтәыла Урыстәыла адгылаҩ акәӡам. Ари аҳәамҭа Ԥашиниан чехиатәи ателеанал CNN primanews аинтервиу аҿы ҟаиҵеит.

“Абжьы рдуны ари ахаан ҳамҳәаӡацт, аха иубарҭоуп Украинаҟны аибашьраҿ Шәамахьтәыла Урыстәыла адгылаҩ акәӡам. Ари аибашьреи аимаки ирызкны агәынамӡара ааҳарԥшуеит, урҭ ҳаизыҟазаашьақәа зегьы ирныруеит”, – иҳәеит Ԥашиниан.

„Мраҭашәараҿ Урыстәыла адгылаҩцәа шәоуп ҳәа ирҳәоит, абри ауп ирбо. Урыстәыла ирбоит ари аибашьраҿ ҳашрыдгылам. Ҳара адгылцәа ҳамам, ҳахьчам”, – иҳәеит Ԥашиниан.