Ника Мелиа идукатцәа  рашәара  20 аус иадҳәаланы Иракли Ҕарибашвили иҿахәы имхра иаҳәоит
Ника Мелиа идукатцәа  рашәара  20 аус иадҳәаланы Иракли Ҕарибашвили иҿахәы имхра иаҳәоит

 Ника Мелиа идукатцәа  рашәара  20 аус иадҳәаланы Иракли Ҕарибашвили иҿахәы имхра иаҳәоит

 

«Амилаҭтә ҵысра» ахантәаҩы Ника Мелиа идукатцәа  рашәара  20 аус иадҳәаланы Иракли Ҕарибашвили иҿахәы имхра иаҳәоит.

Гьаргь  Кондахашвили ишиҳәаз ала,  Иракли Ҕарибашвили  иҿахәы имхра ахымҧадара цәырҵит иара рашәара  20 иадҳәаланы аинформациатә хархәагак иеиҭаз аинтервиу ашьҭахь. Зыӡбахәы ҳәоу аинтервиу аҿы иара ишиҳәаз ала, рашәара  20 рзы аотриад ҷыда адәахьы адәылгара аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ипровокациа акәын, избанзар усҟан апарламент ажәылара адыргақәа иҟамызт.

«Фактла иуҳәозар, уажәтәи аҧыза-министр адукатцәа рзы крызҵазкәа ашаҳаҭс дҟалеит. Иракли Ҕарибашвили  «Русҭави-2» аефир аҿы аргама ааицҳаит рашәара  20 апарламент ажәылара шыҟамыз. Аотриад ҷыда хықәкыла идәылыргеит апровокациа аиҿкаареи акциа алахәылацәа реимырппреи азыҳәан. Аҧыза министр Иракли Ҕарибашвили абри зегьы шьақәирҕәҕәеит.  Иахьа ҳара аҳәара ҟаҳҵеит аҧыза министр Иракли Ҕарибашвили адукатцәа рышаҳаҭцәа рсиа данырҵарц», — иҳәеит Гьаргь  Кондахашвили.

Ахарадҵаратә аган ари аҳәара иақәшаҳаҭым, дара ргәаанагарала, ашаҳаҭцәас иқәгылар рылшоит ахҭысқәа шыҟалаз збаз ауааҧсыра мацара, зхатә гәаанагара аазырҧшуа аполитикцәа ракәымкәа.