Нато аминистериал аҿы иахьа Украина аҳауахьчаратә цхыраара азҵаара иахәаԥшуеит
Нато аминистериал аҿы иахьа Украина аҳауахьчаратә цхыраара азҵаара иахәаԥшуеит

Нато алахәылацәеи адгылаҩцәеи иахьа Аҩадаатлантикатә алианс  аминистериал аҿы Украина аҳауахьчаратә цхыраара азҵаара иахәаԥшуеит.

Бриуссель даҭаахьеит ЕАШ атәылахьчаратә маӡаныҟәгаҩ Ллоид Остин.

Иахьа имҩаԥысран иҟоу аминистериал Мадрим имҩаԥгаз атәылахьчаратә министериал ашьҭахь атәылахьчара аминистрцәа иахьеизо актәи асаммитуп.

Асаммит ҩымш мҩаԥгахоит.