Наҭиа Турнава жәларбжьаратәи авалиутатә фонд аҿы Ааигәатә Мрагылареи Ацентртә Азиеи рзы адепартамент анапхгаҩы диҧылеит
Наҭиа Турнава жәларбжьаратәи авалиутатә фонд аҿы Ааигәатә Мрагылареи Ацентртә Азиеи рзы адепартамент анапхгаҩы диҧылеит

Қырҭтәыла Амилаҭтә банк ахада инапынҵақәа назыгӡо Наҭиа Турнава жәларбжьаратәи авалиутатә фонд аҿы Ааигәатә Мрагылареи Ацентртә Азиеи рзы адепартамент анапхгаҩы Џьихад Азур диҧылеит.

Аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа арегионаҿ аекономикатә ҭагылазаашьеи апроблемақәеи ирылацәажәеит. Наҭиа Турнава Џьихад Азур  изеиҭалҳәеит Қырҭтәыла иҟоу аекономикатә тенденциақәеи Амилаҭтә банкаҿ имҩаҧысуа ареформақәеи ирызкны.  Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа, Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд ацхыраарала Қырҭтәыла имҩаҧысуа апрограммақәагьы ирзааҭгылеит.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Наҭиа Турнава, Шәамахьтәыла амилаҭтә валиута – драм –  30 шықәсатәи аиубилеи инамаданы имҩаҧгаз ауснагӡатә лхы алалырхәит.