Қырҭтәыла Амилаҭтә банк амонетатә политика азыҧҵәа  0,75%-ла,  8,25%-нӡа иланарҟәит
Қырҭтәыла Амилаҭтә банк амонетатә политика азыҧҵәа  0,75%-ла,  8,25%-нӡа иланарҟәит

2024 шықәса хәажәкыра 13 рзы,  Қырҭтәыла Амилаҭтә банк Амонетатә политиказы акомитет аӡбара аднакылеит амонетатә политика азыҧҵәа  0,75%-ла армаҷразы. Уажәы амонетатә политика азыҧҵәа  8,25% иаҟароуп.

Қырҭ.тәыла Амилаҭтә банкаҿ ишырҳәаз ала,  аинфлиациа аҩаӡара,  ҧасеиҧш илаҟәып,  хықәкылатәи арбага аасҭа илаҟәып, аха, уезгьы, аинфлиациатә шәарҭарақәа иҟоуп.

«Аинфлиациа ашәарҭара зхылҵуа ахадаратә факторқәа иреиуп  Амшын ҟаҧшь аҿы иҟоу аибарххара амшала жәларбжьаратәи амҩангарақәа рыхә ашьҭыҵра. Арегионаҿ уажәгьы аҭагылазаашьа уадаҩуп,  аха,  ҧхынҷкәын\ажьырныҳәаз  амҩангаразы иаалырҟьаны ахәқәа рышьҭыҵра анеҩс,  жәабран азы,  ахәқәа хәыҷык илаҟәит. Иара убас,  аекономикатә активрагьы апотенциалтә арбага иазыхынҳәуеит. Заанаҵтәи адыррақәа рыла,  ажьырныҳәазы  5,8% аекономикатә азҳара иҟан.

Қырҭтәыла Амилаҭтә банк азҧхьагәаҭарақәа рыла,   2024 шықәсазы аекономикатә азҳара иҭышәынтәалахоит,  ахатә потенциалтә аҩӡаранӡа ишьҭыҵуеит.  Қырҭтәыла Амилаҭтә банк иџьбароу амонетатә политика мап ацәкны,  иахьатәи аилатәараҿы амонетатә политика азыҧҵәа  0,75%-ла,   8,25%-нӡа аларҟәразы аӡбара аднакылеит. Қырҭтәыла Амилаҭтә банк аекономикатә процессқәеи афинанстә џьармыкьақәеи еиҧҟьарада ирыцклаҧшуеит,  абанк иамоу алшарақәа зегьы рхархәарала,  ахәқәа рҭышәынтәалара аиқәыршәара иазықәҧоит», — ирҳәеит Қырҭтәыла Амилаҭтә банк аҿы.

Амонетатә политиказы акомитет анеҩстәи аилатәара мҩаҧгахоит  2024  шықәса лаҵара 8 рзы.