Атәанчахә ашьаҭала ауаа ирырҭо акредитқәа рӡыргара иқәиҭымуп
Атәанчахә ашьаҭала ауаа ирырҭо акредитқәа рӡыргара иқәиҭымуп

Қырҭтәыла Амилаҭтә банк аӡбарала , хаҭала атәанчуаа  иақәшаҳаҭымхар,  атәанчахә ашьаҭала ирырҭо акредитқәа рӡыргара иқәиҭымуп.

Қырҭтәыла Амилаҭтә банк аӡбара ҿыц инақәыршәаны, акоммерциатә банкқәа, атәанчахә ма иарбанзаалак даҽа асоциалтә аиқәыршәара ашьаҭала аклиент идаргало акредит аӡыргара азин рымам.

Амилаҭтә банкаҿ ишырҳәаз ала, аҧсахрақәа хықәкыс ирымоуп ацхыраара зҭаху агәыҧқәа имцхәны ауал аҟынтә рыхьчареи урҭ рзинқәа рыхьчаразы иҳараку астандарт аларҵәареи.