Мшаҧы азы Никол Ҧашиниан инапынҵақәа шьҭеиҵоит
Мшаҧы азы Никол Ҧашиниан инапынҵақәа шьҭеиҵоит

Сара снапынҵақәа шьҭасҵоит мшаҧы азы, — иҳәеит Шәамахьтәыла Аҧыза-министр Никол Ҧашиниан идгылаҩцәа данырҧылоз.

«Сара снапынҵақәа шьҭасҵоит мшаҧы азы. Сцарц азы акәымкәа, изаамҭаным алхрақәа рымҩаҧгаразы. Убри аамҭазы сара Аҧыза-министр инапынҵақәа насыгӡоит», — иҳәеит Ҧашиниан.

Аха, иара ишазгәеиҭаз ала, алхыҩцәа идымгылар,   инапынҵақәа шьҭеиҵоит.

Шәамахьтәыла изаамҭаным алхрақәа мҩаҧысраны иҟоуп рашәара  20 рзы.

Ҧашиниан Ашьхатә Ҟарабах аҿы аибашьра аанкылара иазку аиқәшаҳаҭра инапы анаҵаиҩы ашьҭахь, аоппозициаа иара иамхра иаҳәоит.