Мшаҧы 26 рзы, Аусбарҭабжьаратә хеилак, аиҭаҵразы ишьақәыргылоу аҧкра Мшаҧы аухаз аҧыхра азҵаара иалацәажәоит
Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе иәҳамҭала, Мшаҧы 26 рзы, Аусбарҭабжьаратә хеилак, аиҭаҵразы ишьақәыргылоу аҧкра Мшаҧы аухаз аҧыхра азҵаара иалацәажәоит.
Амиран Гамҟрелиӡе ауааҧсыра дрыҳәеит Мшаҧы аныҳәа азгәаҭара аан абжьагарақәа зегьы ирықәныҟәаларц. «Мшаҧы аныҳәазы аҭаацәаратәи аритуалтәи уснагӡатәқәа инарҭбаны рымҩаҧгара иахәҭам. Ҳгәы ҳҽанызароуп. Ахыхабаақәа рҿы адистанциа хьчатәуп, ауаа зегьы асабрадақәа рҿазароуп. Уажәы амш бзиоуп, абжьы арҕәҕәаратә аппаратура ахархәара ҟалоит, ауаа аныхабаа аҩнуҵҟа акәымкәа, агәараҿы иҟазар рылшоит, аха, уаагьы адистанциа хьчатәуп», — иҳәеит Гамҟрелиӡе.