Молдоватәи аган ринформациала, Молдовеи Америкеи „Иаарту ажәҩан“ иазку аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит, уи абзоурала ишиашо аҧыррақәа рымҩаҧгара  рылшоит
Молдоватәи аган ринформациала, Молдовеи Америкеи „Иаарту ажәҩан“ иазку аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит, уи абзоурала ишиашо аҧыррақәа рымҩаҧгара  рылшоит

Молдоватәи аган ринформациала, Молдовеи Америкеи „Иаарту ажәҩан“ иазку аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит, уи абзоурала ишиашо аҧыррақәа рымҩаҧгара  рылшоит.

Молдоватәи амедиа адыррала, лаҵара 18 рзы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩуеит аменеџьменти аресурсқәеи рызҵаарақәа рзы Америка  аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ Ричард Верми Молдова аинфраструктура аминистр Лилиа Дабижеи.

Молдоватәи аган рдыррала, аиқәшаҳаҭра амч анаиулак,  атәылаҿ аҳаиртә маҵзура аџьармыкьа аартреи, Кишиниовтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазантә ахырхарҭақәа рдиверсификациеи рылшоит, уи адипломатиатәи аекономикатәи еизыҟазаашьақәа рырҭбаара иацхраауеит.