Михаила Саакашвили аклиника "Вивамед" ашҟа диаргеит
Михаила Саакашвили аклиника "Вивамед" ашҟа диаргеит

Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаила Саакашвили русҭавтәи абахҭантә аклиника “Вивамед” ашҟа диаргеит. Аклиника анапхгара ари аинформациа шьақәдырҕәҕәеит.

«Вивамед» акәша-мыкәша ашәарҭадаратә ҭагылазаашьақәа ирҕәҕәоуп, аҭыҧашҟа инагоуп азинхьчаҩцәа.

Саакашвили иуацәеи  «Амилаҭтә ҵысра» ахаҭарнакцәеи рҳәамҭала, аҵыхәтәантәи аамҭазы Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили деицәахеит, иахәҭоу амедицинатә маҵзура иоуроуп.  Михаил Саакашвили иан Гиули Аласаниа лгәаанагарала, Саакашвили аҳәаанырцә ихәшәтәыра аҭахуп

Қырҭтәыла аиустициа аминистр Рати Брегаӡе лаҵара 10 рзы ишааицҳаз ала, Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили аклиника  «Вивамед» аҿы амедицинатә гәаҭара ахысра идаргалеит. Иара иажәақәа рыла, иаҭаххар, Саакашвили иахәҭәоу амедицинатә маҵзура иоуеит.