Михаил Саакашвили америкатә адукат диҭааит  
Михаил Саакашвили америкатә адукат диҭааит  

Михаил Саакашвили америкатә адукат Массимо Данџьело диҭааит. Иара аклиника  «Вивамед» данҭыҵ ишиҳәаз ала, ҧасатәи ахада дгәеиҭарц азыҳәан ҷыдла Американтә иааиз аҳақьым Џьеимс Кобб Михаил Саакашвили иахь уажәгьы днармышьҭыцт.

Саакашвили идукат Шьалуа Хаҷапуриӡе ишиҳәаз ала, иааиуа амшқәа рзы Қырҭтәыла иаҭаауеит гәыҧҩык аекспертцәа, дара Саакашвили иус аилыргара рҽаладырхәоит.

«Саакашвили иҟны аекспертә усура хыркәшахоит ҳазну амчыбжь азы. Дара рдокументациа ҳазыҧшуп, уи ирласны ицәырыргоит, избанзар, аус аметериалқәеи ичымазара аҭоурыхи рдыруеит. Дара аҳәара заҵәык рыман –  рхаҭа ачымазаҩ дгәарҭар рҭахын», — иҳәеит  Шьалуа  Хаҷапуриӡе.