Михаил Сарџьвелаӡе ишиҳәаз ала, Саломе Зурабишвили шықәсыктәи аҳасабырба ала апарламент аҿы данықәгыло арыцхә иазкны аӡбара аднакылоит абиуро
Михаил Сарџьвелаӡе ишиҳәаз ала, Саломе Зурабишвили шықәсыктәи аҳасабырба ала апарламент аҿы данықәгыло арыцхә иазкны аӡбара аднакылоит абиуро

Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы апарламенттә комитет ахантәаҩы  Михаил Сарџьвелаӡе ишиҳәаз ала, Саломе Зурабишвили шықәсыктәи аҳасабырба ала апарламент аҿы данықәгыло арыцхә иазкны аӡбара аднакылоит абиуро .

«Ари азҵаара абиуро аилатәараҿы иқәыргыланы,  аӡбара ҳадаҳкылоит. Апарламенти атәыла ахада ладминистрациеи арыцхә азы еиқәшаҳаҭзар сыздырӡом. Еиқәшаҳаҭзар,  абиуро уи иазҧхьагәанаҭоит,  атәыла ахада хәажәкыра 5 рзы апарламент аҿы дықәгылар лылшоит. Аха,  уигьы хымҧадам. Ҳара ари азҵаара ҳалацәажәоит», — иҳәеит Сарџьвелаӡе.

Хәажәкыра 2 рзы атәыла ахада ладминистрациа Қырҭтәыла апарламент ашҟа адырра ҟарҵеит  атәыла ахада хәажәкыра 5 рзы апарламент аҿы шықәсыктәи аҳасабырба ацәыргаразы аӡбара шлыдылкылаз азы.