Михаил Сарџьвелаӡе  - Адиалог анагӡаразы даҽа мҩак аҧшааразы аџьабаа ду аабар акәхоит
Михаил Сарџьвелаӡе  - Адиалог анагӡаразы даҽа мҩак аҧшааразы аџьабаа ду аабар акәхоит

Анапхгаратә гәыҧ аҟынтә Қырҭтәыла апарламент адепутат Михаил Сарџьвелаӡе ишиҳәаз ала, ажәлар ибзиаҵәҟьаны ирбеит аоппозициаа арҭ аиҿцәажәарақәа алҵшәа рхырҵырц  шырҭахымыз.

Иара иажәақәа рыла, атәыла анапхгара, адиалог анагӡаразы даҽа мҩак аҧшаара амзызла, активла аусура нарыгӡоит.

«Аконкреттә формат ҳалацәажәозар, аформақәа ҧшаатәуп, агәра ганы сыҟоуп абри аҩыза аформақәа шыҟоу, иаҳҳәап, хазхаҭалатәи аиҿцәажәарақәа, хазы партиақәак рҟны, мамзаргьы, европатәи аструктурақәа рҟны», — иҳәеит Михаил Сарџьвелаӡе.