Михаил Ҟавелашвили  Шәамахьтәыла ахада  Ваагн  Хачатуриан диҧылеит
Михаил Ҟавелашвили  Шәамахьтәыла ахада  Ваагн  Хачатуриан диҧылеит

Қырҭтәыла ахада аофициалтә визитла Шәамахьтәыла дыҟоуп. Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Михаил Ҟавелашвили Шәамахьтәыла ахада  Ваагн Хачатуриан диҧылеит.

Қырҭтәыла ахада иадминистрациа адыррала, ҩ-тәылак рлидерцәа Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи реиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи  еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла апартниорра арҭбаара аперспективақәеи ирылацәажәеит.

Қырҭтәыла ахада шәамахьтәылатәи иколлега ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы. Аиҧылара алахәылацәа арегионаҿ имҩаҧысуа аполитикатә процессқәеи арегионалтә аҭынчреи аҭышәынтәалареи аҵаки иалацәажәеит.

Аиҧылара ашьҭахь Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи рхадацәа АИХқәа рзы аҳәамҭақәа ҟарҵеит.