Михаил Ҟавелашвили – Марко Рубио  иаҵшьны иазгәеиҭеит ҧасатәи администрациа ииашамкәа ишҳазныҟәоз, уажәы аҭагылазаашьа аҭыҧқәҵара иаҿуп 
Михаил Ҟавелашвили – Марко Рубио  иаҵшьны иазгәеиҭеит ҧасатәи администрациа ииашамкәа ишҳазныҟәоз, уажәы аҭагылазаашьа аҭыҧқәҵара иаҿуп 
Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили  апрограмма  «Имедис квира» аефираҿ, аӡынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа раартра ацеремониаҿы  иареи Америка авице-ахада  Венси Аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Марко Рубиои  ишеиҧылаз  еиҭеиҳәеит.  Иара иажәақәа рыла,  Марко Рубио  иаҵшьны иазгәеиҭеит ҧасатәи администрациа  Қырҭтәыла ииашамкәа ишазныҟәоз, уажәы аҭагылазаашьа аҭыҧқәҵара иаҿуп.
«Аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ  Марко Рубио даҽа  кыраамҭак  дҳацәажәон, ҳаиҿцәажәара иаҳа иҭбаан, аустә ҟазшьа аман. Иара иаҵшьны иазгәеиҭеит ҧасатәи администрациа Қырҭтәыла ииашамкәа ишазныҟәоз. Дара уи еилыркаауеит. Ишиҳәаз ала, иасыз ашәахьазы ари атема иалацәажәеит, апроцесс анализ азыруит, уажәы  ҳаизыҟазаашьақәа рырҽеиразы аус руеит», — иҳәеит  Михаил Қавелашвили.