Михаил Ҟавелашвили - Ҳажәлар аҳәынҭқарра аҧырҵеит, аха, зегьы реиҳа ихадоу, аҧсадгьыл захьӡу наӡаӡатәи аидеиа аҧырҵеит, абри аидеиоуп ақырҭуа жәлар еснагь ирыхьчо
Ашәышықәсақәа ирылагӡаны Қырҭтәыла ауадаҩрақәа рацәа ирхысит, апроблемақәа рацәа ирхысыз ақырҭуа жәлар рыҧсадгьыли раҳаҭыри ахьчаразы, уаҩ изыҟамҵашаз ҟарҵеит – адунеи идуӡӡоу аимпериақәа, ҳара ҳаасҭа акырӡа идууз аҕацәа ирҿагыланы иқәҧон, аха, еиқәхеит, ҳмилаҭ шьаҭас ирымоу апринципқәеи аҷыдарақәеи ҳзаанрыжьит, – иҳәеит Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили аинаугурациаҿы данықәгылоз.
Ҟавелашивли ишиҳәаз ала, ақырҭуа жәлар аҳәынҭқарра аҧырҵеит, аха, зегьы реиҳа ихадоу, аҧсадгьыл захьӡу наӡаӡатәи аидеиа аҧырҵеит, абри аидеиоуп ақырҭуа жәлар еснагь ирыхьчо. Иара иажәақәа рыла, еснагь ахақәиҭра иазықәҧо ақырҭуа жәлар рҟазшьа узыҧсахуам, дара агәра ганы иҟоуп акзаара зеиҧшҟамлац аҵакы шамоу, патуеиқәҵареи, аҧсадгьыли аҭаацәареи рахь абзиабареи шьаҭас измоу акзаара.
Михаил Ҟавелашвили ишазгәеиҭаз ала, ақырҭуа бызшәа ақырҭуаа рҟазшьеи ақырҭуаа мацара рзы иҟазшьарбагоу ацәаныррақәеи ибзиаӡаны иаанарҧшуеит.
„Ақырҭуа бызшәа ақырҭуаа рҟазшьеи, рҭоурыхи, ркультуреи ибзиаӡаны иаанарҧшуеит, ҳбызшәа адунеи ижәытәӡоу абызшәақәа реиқәыҧхьаӡаҿы аҳаҭыртә ҭыҧ ааннакылоит. Ақырҭшәала иаҧҵоуп имаҷымкәа адунеитә шедеврқәа. Ақырҭуа бызшәа ақырҭуаа рҟазшьеи ақырҭуаа мацара рзы иҟазшьарбагоу ацәаныррақәеи ибзиаӡаны иаанарҧшуеит“, – иҳәеит атәыла ахада.