Михаил Ҟавелашвили – Атәым амаҵзура ҷыдақәа рымчқәа Қырҭтәыла ауааҧсыра рахь ааҧхьара ҟарҵон атәыла аиҳабыра рыхҳәаразы, уи ахьырхәрада иаанхом, дара аҭак ҕәҕәа роуеит
Михаил Ҟавелашвили – Атәым амаҵзура ҷыдақәа рымчқәа Қырҭтәыла ауааҧсыра рахь ааҧхьара ҟарҵон атәыла аиҳабыра рыхҳәаразы, уи ахьырхәрада иаанхом, дара аҭак ҕәҕәа роуеит

«Иацы Қырҭтәыла иҳаракӡоу адемократиатә стандартқәа рыла алхрақәа мҩаҧган. Қырҭтәыла Алхратә комиссиа хадеи уи аусзуҩцәеи иаадырҧшыз апрофессионализм азы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп», — иҳәеит Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили ахада иадминистрациаҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы.

Ҟавелашвили  «Ақырҭуа гәахәтәы» алахәылацәа алхрақәа рҿы аиааира рыдиныҳәалеит.

«Алхрақәа ирылахәыз аполитикатә партиақәа зегьы ҭабуп ҳәа расҳәоит. Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп дара аҳәынҭқарра аҿаҧхьа аҭакҧхықәра ду аарҧшны, алхыҩцәа рмобилизациа рылшеит. Иара убас, аиаара згаз апартиа, уи алахәыла цыҧхьаӡа, акандидат цыҧхьаӡа рыдныҳәаланы, ақәҿиарақәа рзеиҕьасшьоит», — иҳәеит Михаил Ҟавелашвили.

Иара убас, атәыла ахада, иацы Қарҭ иҟалаз ахҭысқәагьы дрыхцәажәеит.

«Рыцҳарас иҟалаз, аамҭакала, Қарҭ, атәыла аиҳабыра рыхҳәара иазкыз акциа мҩаҧган. Ишаабаз еиҧш, ҳтәылаҿы атәым маҵзура ҷыдақәа рыдҵақәа назыгӡо агәыҧқәа иҟоуп. Дара абра, абри ахыбра ааигәара рхы шымҩаҧыргоз жәбеит. Ҳуааҧсыреи атуристцәа рацәеи иахьаауа абри аҭыҧ ҧшӡа рыблит. Атәыла ахада ирезиденциа ахыбра аҧхьа абри аҩыза амчыларатә акт амҩаҧгара аӡәгьы ианаҳажьуам. Еиҭасҳәар сҭахуп, атәым амаҵзура ҷыдақәа рымчқәа Қырҭтәыла ауааҧсыра рахь ааҧхьара ҟарҵон атәыла аиҳабыра рыхҳәаразы, уи ахьырхәрада иаанхом, дара аҭак ҕәҕәа роуеит», — иҳәеит  Михаил Ҟавелашвили.